Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Азинхьчаҩцәа рдискридитациа амзызла,  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аполитикатә гәыҧқәеи акциақәа раан имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа ирызкны ииашам аинформациа аладырҵәоит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Азинхьчаҩцәа рдискридитациа амзызла,  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аполитикатә гәыҧқәеи акциақәа раан имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа ирызкны ииашам аинформациа аладырҵәоит

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи еиуеиҧшым аполитикатә гәыҧқәа рылахәылацәеи, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  имцырку ахарадҵарақәа азықәдыргылоит, уи апротесттә акциақәа раан имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа ирыдҳәаланы азинчаҩцәа рдискридитациа иазкуп», – иануп Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, ажәлар ибзиаӡаны ирбоит апротесттә акциа ҭынч ианымҩаҧысуа, аполицаицәа  ауаа рхы иақәиҭны апротест аарҧшра рылшарц азыҳәан иаҭаху зегьы шыҟарҵо.

«Аха, иара убас, ажәлар ибзиаӡаны ирбеит Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуаз апротесттә акциақәа азакәан аҳәаақәа ишырҭыҵуаз.

Акциашҟа инеиз ауаа рыхәҭак заанаҵы амчыларазы иазыҟаҵан, дара  ахаҳәқәа, аихатә конструкциақәа, апиротехника уҳәа, еиуеиҧшым иқәиҭыму амаҭәарқәа рыман.  Арҭ амаҭәарқәа аполицаицәа рықәларазы рхы иадырхәон.

Акциақәа раан, арҭ акциақәа аҭынчратә ҟазшьа ианырцәыӡуаз, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара амзызла, азакәан ала иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧнагон.

Насгьы, иаҵшьны иазгәаҭатәуп, ахархәага ҷыдақәа рхархәара иалагаанӡа, азинхьчаҩцәа, еснагь, адемонстрантцәа агәҽанҵара шрырҭоз.

Еиуеиҧшым АИХқәеи асоциалтә аҳақәеи акциақәа раан аахақәа зауз ирызкны аинформациа аладырҵәоит.

Ҳуааҧсыра иргәалаҳаршар ҳҭахуп  зыӡбахәы ҳәоу амчылара амшала  171ҩык аполицаицәа ихьанҭаӡоу аахақәа шроуз.

Аполицаицәа рыла имцхәны амч ахархәара афактқәа иҟазшәа  аларҵәара зауз аинформациа иадҳәаланы, Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда аусеилыргара мҩаҧнагоит», – иануп аҳәамҭаҿы.