Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа анаркоацәгьауразы ҩыџьа ааныркылеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Кахеҭи аполициатә департамент аусзуҩцәа акомплекстә оперативтә уснагӡатәқәа мҩаҧганы, анаркоацәгьаура ахарадҵарала ҩыџьа ааныркылеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, заанаҵы еиқәшаҳаҭны, изныкымкәа, закәандарала арҩышьыгақәа раахәареи рыҵәахреи рыҭиреи ахарадҵарала иаанкылоуп: 1982 шықәсазы ииз Ш.Д. , иара убас, 1984 шықәсазы ииз Ҭ.С..
„Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа абаандаҩтәра“, – иануп аинформациаҿы.