Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ 11-ҩык аанкылоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ 11-ҩык аанкылоуп

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, апарламент ахыбра ааигәара, Русҭавели имҩаду аҿы имҩаԥысуаз акциа аҿы адемонстрантцәа аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа рҭыҵреи азакәанхьчаҩцәа рыҿагылареи, раҳаҭыр аларҟәреи рзы 11-ҩык аанкылоуп. Аусҳәарҭа аинформациа ала, акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩҵәа ахаҳәқәеи, аԥаҭлыкақәеи иргәыдырҵон.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциа алахәылацәа рахь даҽазнык ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц.