Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Амитинг алахәылацәа агәҽанҵара раҳҭоит азакәан аилагара иаҟәыҵырц, азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны апротест ҟарҵарц, мамзар, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәан ала иазҧхьагәаҭоу, иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аминистрра адыррала, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, азинеиҿкаара ахьчара амзызла, Қырҭтәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы акциақәа ахьымҩаҧысуа аҭыҧқәа рҿы игылоуп.
Аминистрра адыррала, Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуа акциаҿы азакәан аилагара афактқәа рацәа ҟалеит.
«Адемонстрантцәа рыхәҭак аинфраструктура ҧхасҭартәоит, иара убас, ҧасатәи амшқәа раан еиҧшҵәҟьа, уажәгьы ишәарҭоу амаҭәарқәа рымоуп.
Қырҭәтыла азакәәанҧҵарала аизарақәеи адемонстрациақәеи рзы азин ихьчоуп, иара убас, апротест аформақәагьы ҳәаақәҵоуп.
Амитинг алахәылацәа агәҽанҵара раҳҭоит азакәан аилагара иаҟәыҵырц, азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны апротест ҟарҵарц, мамзар, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәан ала иазҧхьагәаҭоу, иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.