Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Акциаҿ аполициа аусуҩцәа рықәлареи еиуеиԥшым амаҭәарқәа амца рыцраҵареи ахарадҵарала хҩык аанкылоуп, административтә зинеилагарақәа рзы 224-ҩык аанкылоуп
Акциаҿ аполициа аусуҩцәа рықәлареи еиуеиԥшым амаҭәарқәа амца рыцраҵареи ахарадҵарала хҩык аанкылоуп, – аарыцҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, административтә зинеилагарақәа рзы 224-ҩык аанкылоуп.
“Сынтәа, ԥхынҷкәын 1-2 рзы Русҭавели имҩаду аҿы, апарламент аԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа рызкны ауааԥсыра аинформациа раҳҭар ҳҭахуп. Акциа алахәылацәа аадырԥшыз амчылара иахҟьаны, ахәрақәа роуит 21-ҩык азакәанхьчаҩцәа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥысуаз акциақәа раан инеизакны ахәрақәа роуит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 113-ҩык аусуҩцәа, урҭ рҟынтә 9-ҩык уажәгьы ахәшәтәырҭаҿ рҽырыхәшәтәуеит.
Изныкымкәа ираҳҭаз агәҽанҵара иахәамԥшыкәа, акциа алахәылацәа апровокациақәа нарыгӡон, иԥхасҭартәон аинфраструктура, хаҭалатәи амазара.
Азакәанхьчаҩцәа имҩаԥыргаз аусԥшааратә уснагӡатәқәа раан иаанкылан ҩыџьа ахаҿқәа. Иара убас, аполициа аусуҩцәа рықәлареи еиуеиԥшым амаҭәарқәа амца рыцраҵареи ахарадҵарала хҩык аанкылоуп.
Даҽазнык иазгәаҳҭар ҳҭахуп, азакәанеилагара цыԥхьаӡа иаҭакны, азакәанхьчацәа иашьашәалоу ақәҿыҭра ҟарҵоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.