Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Акциа алахәылацәа аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа рҭыҵреи азакәанхьчаҩцәа рыҿагылареи, раҳаҭыр аларҟәреи рзы 14-ҩык аанкылоуп
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциа аҿы адемонстрантцәа аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа рҭыҵреи азакәанхьчаҩцәа рыҿагылареи, раҳаҭыр аларҟәреи рзы 14-ҩык аанкылоуп.
Аусҳәарҭа аинформациала, урҭ административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла 166-тәии 173-тәии ахәҭаҷқәа рышьаҭала аанкылоуп
“Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амитинг аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рахь ааҧхьара ҟанаҵеит аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку азакәан аҳәаақәа ирҭымҵырц. Аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа рҭыҵреи азакәанхьчаҩцәа рыҿагылареи, раҳаҭыр аларҟәреи рзы, административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла 166-тәии 173-тәии ахәҭаҷқәа рышьаҭала 14-ҩык аанкылоуп “, – иануп Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.