Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Русҭавели имҩаду аҿы, апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциа амчыларатә ҟазшьа аиуит, акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа ирҿагылеит, еиуеиԥшым амаҭәарқәа иргәыдырҵеит, рхы иадырхәит апиротехника.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, ахәрақәа роуит ҩыџьа азакәанхьчаҩцәа.
Аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы аполициа хаҭарнакцәа закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәит,
“Акциа алахәылацәеи аикааҩцәеи рахь даҽазнык ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц,” — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.