Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра агәыԥтә мчылара аиҿкааразы даҽа ҩыџьа ахаҿқәа ааннакылеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акриминалтә полициа хаҭарнакцәа агәыԥтә мчылара аиҿкааразы даҽа ҩыџьа ахаҿқәа ааныркылеит. Аусҳәарҭа аинформациа ала, ашьауӷа усԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿагыларатә акциақәа раан иаанкылоуп 28-ҩык.
Иаха иҵегьы иаанкылан 48-ҩык.