Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит

Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит.

Аминистрра адыррақәа рыла,  ишиашо аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит.

«Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак ршәарҭадара аиқәыршәареи жәларбжьаратәи ацәгьаура аҿагылареи азы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рзинхьчаратә органқәа русеицура  аҵакы ду шамоу.

Иара убас,  аиҿцәажәараан арегионаҿ иҟоу апроблемақәеи Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵаки иазааҭгылеит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.