Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала, Урыстәыла акоммерциатә амҩанызақәа ираахар, Америка Москва аҭак анаҭоит
Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала, Урыстәыла акоммерциатә амҩанызақәа ираахар, Америка Москва аҭак анаҭоит

Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала, Урыстәыла акоммерциатә амҩанызақәа ираахар, Америка Москва аҭак анаҭоит.

Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак ахаҭарнак Џьон Кирби.

Иара иажәақәа рыла, Америка аинфраструктуразы иарбанызаалак ажәылара иахәҭоу аҭак аиуеит. Иара убас, иара ишиҳәаз ала, Урыстәыла амҩанызаҽацәыхьчаратә технологиақәа рышьҭкаара шаҭаху азы адыррақәа иҟоуп.

Уаанӡа, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Константин Воронцов иҟаиҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, Америкеи уи адгылаҩцәеи бџьартә аимакқәа рҿы рхы иадырхәоит акосмосаҿ иҟоу атәылауаҩратә инфраструктура, акоммерциатә амҩанызақәагьы нрылаҵаны, Урыстәыла арҭ амҩанызақәа ираахар ауеит.