Аҩыжәны атранспорттә хархәага арныҟәцаразы административтә ахьырхәра иаҳа иџьбарахоит
Аҩыжәны атранспорттә хархәага арныҟәцаразы административтә ахьырхәра иаҳа иџьбарахоит

Аҩыжәны атранспорттә хархәага арныҟәцаразы административтә ахьырхәра иаҳа иџьбарахоит

 

Ауаҩытәыҩса изинқәеи атәылауаҩратә интеграциеи азы акомитет аилатәараҿы, актәи аҧхьарала   иахәаҧшуит  «Административтә зинеилааграқәа ирызку азакәанеидкыла» иаларгало аҧсахрақәа, урҭ инрықәыршәаны, аҩыжәны атранспорттә хархәага арныҟәцаразы административтә ахьырхәра иаҳа иџьбарахоит.

Лымкаала, аҩыжәны атранспорттә хархәага арныҟәцаразы, арныҟәцаҩ, шықәсык ала арныҟәцара азин имырхуеит, иара убас,  300 лари ахараҧса ашәара иқәшәоит.

Ауаҩҧсы атранспорттә хархәага арныҟәцара азин ахьинӡаимам даҽазнык аҩыжәны аҧсҟы икыр,  2000 лари ахараҧсеи, иара убас,  5 инаркны 15 мшынӡа административтә абаандаҩтәреи иқәырҵоит, насгьы, даҽа шықәсык ала амашьына арныҟәцара азин имырхуеит.