«Ақырҭуа ҩы аҭыԥ Европаҿ ауп ахьыҟоу!» — абри еиԥш алозунг зкыз ақырҭуа аҩыҟаҵаҩцәа, асомелиецәа, аҩы акритикцәа, аҩы агидцәа, аҩытә дәқьанқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит.
Аҩыҟаҵара ахырхарҭа ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, амитинг ҭынч алахәылацәа рыргәаҟреи, аиҳабыра имҩаԥнаго аполитикеи ирҿагылоит. Аҩыҟаҵаҩцәа ражәақәа рыоа, ақырҭуа ҩы, ашәышықәсақәа раԥҳьа ишҟаз еиԥш, европатәи аҭаацәарашҟа ихынҳәыроуп.
Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аԥхьа имҩаԥысуаз акциа рхы аладырхәит амузыкантцәагьы.