Аҩы амилаҭтә агентра  - Қырҭтәыла аҩи аспирт злоу арыжәтәқәеи рекспорт аҟынтә зеиҧшҟамлац ала идуу ахашәала аиуит
Аҩы амилаҭтә агентра  - Қырҭтәыла аҩи аспирт злоу арыжәтәқәеи рекспорт аҟынтә зеиҧшҟамлац ала идуу ахашәала аиуит

2024 шықәсазы Қырҭтәылантә аекспортахь идәықәҵан  565 миллион адоллар рыхә аҩи аспирт злоу арыжәтәқәеи, ари арбага 2023 шықәсатәи иашьашәалоу арбага аасҭа  24%-ла иаҳа идууп.

Аҩы амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, ҵыҧх Қырҭтәылантә адунеи  72 ҳәынҭқаррақәа рахь идәықәҵан 95 миллион литр,  276,1 миллион адоллар рыхә аҩы.  2023 шықәса иаҿаҳарҧшыр, ари арбага  6%-ла иаҳа идууп, ахашәалагьы  7%-ла иазҳаит.

Абарҭ атәылақәа рахь аекспорт азҳаит: Польша – 12%,  Германтәыла – 30%, Америка  – 32%,  Лиетува  – 11%, Британиа Ду – 42%, Ҭырқәтәыла  – 62%, Азербаиџьан  – 34%, Канада  – 16%, Израиль – 2%, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа – 80%, Аладатәи Кореиа – 26%, убас егьырҭгьы.

Иара убас, Аҩы амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, адунеи  56 ҳәынҭқаррақәа рахь идәықәҵоуп  48 миллион литр аспирт злоу арыжәтәқәа, араагьы ари арбага азҳаит 53%-ла. Аспирт злоу арыжәтәқәа рекспорт аҟынтә атәыла иаиуит  289 миллион адоллар ахашәала  ( 47% азҳара).