АҩАР - Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аизара-аманифестациақәа рымҩаԥгара аҵас аилагаразы иаанкылан 14-ҩык атәылауаа
АҩАР - Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аизара-аманифестациақәа рымҩаԥгара аҵас аилагаразы иаанкылан 14-ҩык атәылауаа

АҩАР аусуҩцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аизара-аманифестациақәа рымҩаԥгара аҵас аилагаразы иааныркылеит 14-ҩык атәылауаа.

Ари атәы абрифинг аҿы ааицҳаит Қарҭтәи аполициа аҟәша анаԥхгаҩы Важа Сираӡе.

Қырҭтәыла АҩАР акциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи  рахь ааԥхьара ҟанаҵоит азакәан еиларымгарц.

“Ауаажәлар ишырдыруа ала, жьҭаар 17 рзы амч роуит азакәантә ԥсахрақәак, урҭ инарықәыршәаныаизара-аманифестациақәа рымҩаԥгара аҵас аилагаразы ахьрхәра џьбарахеит. Ари инақәыршәаны АҩАР аусуҩцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аизара-аманифестациақәа рымҩаԥгара аҵас аилагаразы иааныркылеит 14-ҩык атәылауаа”, – иҳәеит Сираӡе.