Аҩадатәи Македониаҿ, ҵхыбжьонтәи аклубаҿ иҟалаз абылра амшала 51ҩык иреиҵамкәа иҭахеит,  100ҩык иреиҳаны аахақәа роуит
Аҩадатәи Македониаҿ, ҵхыбжьонтәи аклубаҿ иҟалаз абылра амшала 51ҩык иреиҵамкәа иҭахеит,  100ҩык иреиҳаны аахақәа роуит

Аҩадатәи Македониаҿ, ҵхыбжьонтәи аклубаҿ иҟалаз абылра амшала 51ҩык иреиҵамкәа иҭахеит,  100ҩык иреиҳаны аахақәа роуит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аҩадатәи Македониаҿ, Кочани ақалақьаҿ иҟоу ҵхыбжьонтәи аклубаҿ ашырҧаз абылра ҟалеит. Уажәазы иҟоу аинформациа ала, аклубаҿ агәыҧ ADN аконцерт мҩаҧысуан. Ахыбра сааҭқәак ирылагӡаны абылра иаҿын. Уи аамҭаз аҩныҵҟа  1 500ҩык раҟара иҟан.

Аҭыҧантәи амедиа адыррақәа рыла, ахыбра абылра иалагеит апиротехника ахархәара амшала.

Атәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла,  ари афакт иадҳәаланы џьоукы аанкылоуп.