Атуризми аресторантә хырхарҭеи рхаҭарнакцәа Аиҳабыра радминистрациа аԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит
Атуризми аресторантә хырхарҭеи рхаҭарнакцәа Аиҳабыра радминистрациа аԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит

Атуризми аресторантә хырхарҭеи рхаҭарнакцәа Аиҳабыра радминистрациа аԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит.

Акциа алахәылацәа акоронавирус амзызла атәылаҿ иҟоу аԥкрақәа раԥыхра аҳәара иқәдыргылоит.

200 рҟынӡа аресторанқәа 24 сааҭ ирылагӡаны апротест аҳасабла аусура иаҟәыҵит.

Аҳәынҭқарра идҳарбоит атәылаҿ аресторанқәа аусура анрылымшо аҭагылазаашьа зеиԥшрахою. Ҳара ацхыраареи асубсидиеқәеи ракәым иаҳҭаху, аусура анагӡареи 250 000-ҩык аусурҭала реиқәыршәареи ауп иаҳҭаху, – иҳәеит Бурџьанаӡе.

Аиҳабыра радминистрациа аԥхьа имҩаԥысуа акциа рзы аладырхәоит аоппозициаа гәыԥҩык, урҭ иреиуоуп “Амилаҭтә ҵысреи”, “Европатәи Қырҭтәылеи”, “Лелои”, “Алеибористтә партиеи” рхаҭарнакцәа.