Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациала, аҵыхәтәантәи жәымщ ирылагӡаны Қырҭтәыла жәларбжьаратәи авизитқәархыԥхьаӡара иазҳа́ит
Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациала, аҵыхәтәантәи жәымщ ирылагӡаны Қырҭтәыла жәларбжьаратәи авизитқәархыԥхьаӡара иазҳа́ит

Сынтәа, актәии ахԥатәии акварталқәа рзы иҟоу адыррақәа рыла, Евроеидгыла атәылақәеи Британиа Дуи рҟынтә Қырҭтәылаҟа инагӡан 348 329 жәларбжьаратәи авизитқәа, ари 2023 шықәсатәи иашьашәалоу аперион аасҭа 5.9% рыла еиҳауп, – аарыцҳаит Атуризм азы амилаҭтә администрациа.

Аусҳәарҭа адыррақәа рыла, ажьырныҳәа-цәыббразы Германтәылантә Қырҭтәылаҟа инагӡан 62 804 авизитқәа, азҳара +15.6% иаҟароуп. Британиа Ду аҟынтә  –  25,431 авизитқәа (азҳара +12.5%-), Франциантә – 22 768 авизитқәа (азҳара +21.3%), Бырзентәылантә – 20 500 авизитқәа (азҳара +24.3%).