Атуризм амилаҭтә администрациа - 2022 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратә аныҟәарақәа рҟынтә аиуит 3.5 миллиард адоллар ахашәала
Атуризм амилаҭтә администрациа - 2022 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратә аныҟәарақәа рҟынтә аиуит 3.5 миллиард адоллар ахашәала

2022 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рҟынтә 3,516,634,479 адоллар ахашәала аиуит, ари арбага 2019 шықәсатәи арбага аҵкьыс 107.6% рыла еиҳауп (+247,980,410 америкатә доллар), – аарыцҳаит Атуризм амилаҭтә администрациа  аҟынтә.

Аусҳәарҭа адыррақәа рыла,  2021 шықәса еиҿҳарԥшыр, жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи ахашәала +2,271,692,761 (+182.5%) доллар ала еиҳауп.

Ажьырныҳәа-хәажәкыразы Қырҭтәыла жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи 394 миллион адоллар ахашәала аиуит, ари 2019 шықәса хәажәкыразы иҟаз арбага аҵкьыс 68.1% рыла еиҳауп. 2021 шықәса ажьырныҳәа-хәжәкыра мзқәаа еиҿҳарԥшыр, жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи  ахашәала 340 157 176 (+635.2%) доллар ала еиҳауп.

“2022 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рҟынтә 3,516,634,479 адоллар ахашәала аиуит, ари арбага 2019 шықәсатәи арбага аҵкьыс 167.2% рыла еиҳауп, 2021 шықәса еиҿҳарԥшыр, жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи ахашәала +237,255,596  (+188.2%) доллар ала еиҳауп.

2022 шықәса жәабран азы Қырҭтәылаҟа имҩаҧган  5.4 миллион жәларбжьаратәи визитқәа, ари арбага 2019 шықәса иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 71.9%-ла еиҳауп, авизитқәа еиҭашьақәгылоуп 58% рыла”, – иануп аинформациа аҿы.