Атреилер ҿыц «Форсаж 9» аҿы Қырҭтәыла иҭыху акадрқәа аарҧшуп  [афото/авидео]

Афильма «Форсаж 9» атреилер ҿыц ҭыҵит. «Аблокбастер» ҭырхуан еиуеиҧшым атәылақәа рҿы, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны.

Қырҭтәыла  «Форсаж 9» аепизодқәа ҭырхуан 2019 шықәса  нанҳәа  19 инаркны цәыббра 22нӡа.

Афильм  200 миллион адоллар абиуџьет аман.

«Форсаж 9» апремиера мҩаҧысуеит  2021 шықәса рашәара 25 рзы.