Атәымтәылауаа Қырҭтәылаҟа рааира аҧҟарақәа шьақәыргылоуп
Атәымтәылауаа Қырҭтәылаҟа рааира аҧҟарақәа шьақәыргылоуп

«Атәылақәа зегьы ртәылауаа аҳәааҿы аковидвакцинациа наӡа ахысра иазку адокументқәа цәырыргар, ҳәарада, Қырҭтәыла иаҭаар рылшоит», — илҳәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнава Акоординациатә хеилак аилатәара ашьҭахь.

Турнава лҳәамҭала, авакцинациа иахымсыц аҭааҩцәа,  Евроеидгылеи, Израили, Швеицариеи, Америкеи, Саудтәи Аравиеи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Бахреини ртәылауаа, Қырҭтәылаҟа ианаауа аҳәааҿы ицәырыргароуп аҵыхәтәантәи хымш рыҩнуҵҟала иҟаҵоу  PCR-тест алҵшәақәа, анеҩс, хымш рышьҭахь, атест еиҭаҟарҵароуп.

«Абарҭ аиҭакрақәа аҵакы ду рымоуп, избанзар иааиуа амчыбжь инаркны ҳара атуроператорцәеи, асасааирҭатә бизнес ахаҭарнакцәеи рацәажәара ҳалагоит, атәымтәылауаа раҧхьатәи ргәыҧқәа атәылашҟа ишааҳгаша ҳазхәыцроуп», — илҳәеит Турнава.