"Атәым нырра аартызаара" иазку азакәанпроект аҩбатәи аԥхьара ахьымҩаԥысуаз Аиуристтә зқаарақәа ркомитет аҿы аилатәарантә идәылырцит аоппозициа рдепутатцәа Гьаргь Вашаӡеи Леван Бежашвилии
"Атәым нырра аартызаара" иазку азакәанпроект аҩбатәи аԥхьара ахьымҩаԥысуаз Аиуристтә зқаарақәа ркомитет аҿы аилатәарантә идәылырцит аоппозициа рдепутатцәа Гьаргь Вашаӡеи Леван Бежашвилии

“Атәым нырра аартызаара” иазку азакәанпроект аҩбатәи аԥхьара ахьымҩаԥысуа Аиуристтә зқаарақәа ркомитет аҿы аиҿагылара ҟалеит

Аиуристтә зқаарақәа ркомитет ахантәаҩы Анри Оханашвили аилатәарантә дәылицеит аоппозициаа рдепутатцәа Гьаргь Вашаӡеи Леван Бежашвилии. Оханашвили Гьаргь Вашаӡе изныкымкәа агәҿанҵара ииҭеит аҳәҳәара ацынхәрас, азакәанпроект иазкны азҵаарақәа иқәиргыларц.

„Аполитикатә ҳәамҭақәа акамерақәа рҿаԥхьа аҟаҵара шәылшоит, атема иазку зҵаара шәымазар, азҵаара ықәшәыргылар шәылшоит. Шәара шәинтересқәа ирылоуп апровокациа амҩаԥгара, ҳара азакәанпроект аҵакы ахцәажәра ауп хықәкыс иҳамоу“, – иҳәеит Оханашвили Гьаргь Вашаӡе даниацәажәоз.