„Атәым анырра аартызаара иазку" азакәанԥҵаратә аԥшьгара апарламент аҿы иаԥшьырган
„Атәым анырра аартызаара иазку" азакәанԥҵаратә аԥшьгара апарламент аҿы иаԥшьырган

„Атәым анырра аартызаара иазку” азакәанԥҵаратә аԥшьгара апарламент аҿы иаԥшьырган. Аԥсахрақәа иаауа ашәахьаҽны имҩаԥысуа абиуро аилатәараҿ цәыргахоит, уи ашьҭахь уи ахәаԥшра иалагоит.

Аԥсахрақәа  рыла зқьарқәа 20% еиҳаны атәымтә финансркрала ироуп акоммерциа иашьҭам аиуристтә хаҿқәеи аихқәеи “Атәымтә интересқәа рымҩаԥгага аиҿкаарақәас”  иҭаҩхоит.

Азакәанпреокт инақәыршәаны, “Атәымтә интересқәа рымҩаԥгага аиҿкаарақәас” иԥхьаӡахо аиҿкаарақәа зегьы аҳәынҭқарратә реестр аҿы абазаҿ иаҩзароуп. Аҭаҩраан ақьарқәа рхыҵхырҭа аарԥштәуп.

Азакәанпроект ала, Аиустициа аминистрра абазаҿ иҭаҩу аиҿкаарақәа зегьы рмониторинг азин аиуеит.

“Ақырҭуа гәахәтәы” иҟанаҵаз аҳәамҭала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа еиҭах ицәырыргоит аҳәаанырцәтәи афинансыркра аартызаара иазку азакәанҧҵаратә ашьгара.  Азакәанпроектаҿ атермин «атәым агент» ирыҧсахуеит, уи ацынхәрас абри авариант анырҵоит  — «атәым ҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәныҟәо аиҿкаара».