Атәылахьчареи ашәарҭадареи азы акомитет аилатәараҿы Қырҭтәыла Аҧшыхәаратә маҵзуреи Атәылахьчара аминистрреи ахаҭарнакцәа ирзыӡырҩит
Атәылахьчареи ашәарҭадареи азы апарламенттә комитет иахьатәи аилатәараҿы аглобалтә регионалатә ҭагылазаашьеи уажәазы иҟоу ашәарҭарақәеи апроблемақәеи ирылацәажәеит.
Абарҭ азҵаарақәа рзы адепутатцәа аинформациа рызцәырыргеит Қырҭтәыла Аҧшыхәаратә маҵзуреи Атәылахьчара аминистрреи рхаҭарнакцәа.
Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа Арратә аҧшыхәара адепартамент анапхгаҩы, аполковник Гьаргь Блиаӡе ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, дара ашәарҭарақәа раарҧшреи атәыла анапхгара иахәҭоу аинформациа рыҭареи ауп хықәкыс ирымоу.
«Иара убас, иҟалар зылшо ахҭысқәа ирыдҳәаланы азҧхьагәараҭақәа ҟаҳҵароуп. Ареалтә шәарҭарақәа зегьы сызрылацәажәом, агибридтә шәарҭарақәа сырзааҭгылар сылшоит. Урыстәыла ахырхарҭақәа зегьы рыла аамҭакала ауранагӡара иаҿуп. Уажәазы ишаабо ала, зегьы раасҭа активла аус руеит аинформациатә хырхарҭала, Мраҭашәара иаҿагылоу, Урыстәыла иахәаша адезинформациатә кампаниа», — иҳәеит Блиаӡе.