Атәылахьчара аминистрра - Қырҭтәыла "Буки" "Џьавелини" асистемақәа хәыԥсада амоуит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра “Бук” аҳауатә хыхьчаратә системақәеи “Џьавелинқәеи” ирызкны аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аминистрра аинформациа ала, Украина Қырҭтәыла ҳамҭас “Бук” ахауатә хыхьчаратә система анаҭеит ҳәа адырра ииашам.
Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 2017 шықәсазы ирацәны амиллион доллар иршәеит ЕАШ атанкҭархагатә система “Џьавелин” анаархәаз.
“Гәыԥҩык аекспертцәеи аизқәеи ииашым аинформациа аладырҵәеит Украина Қырҭтәыла ҳамҭас “Бук” ахауатә хыхьчаратә система анаҭеит ҳәа, ари имцуп.
“Атәылахьчара аминистрра “Бук” асистема 2007 шықәсазы аиуит. Ари аиқәшаҳаҭра маӡала бжьаҵан, убри аҟынтә иацҵаны адыррақәа раларҵәара ҳалшом. Иара убас 2017 шықәсазы Атәылахьчара аминистрра ирацәны амиллион доллар иршәеит ЕАШ атанкҭархагатә система “Џьавелин” анаархәоз.
Қырҭтәыла Украина аполитикатәи агуманитартәи адгылара излаалшо ала нанагӡоит. Ари шьақәырӷәӷәоуп агуманитартә аидара, урҭ рыбжьара аԥыза-министр иԥшьгара ала агенераторқәа рышьҭра.
Украинашҟа абџьар ашьҭра иазкны Қырҭтәыла аиҳабыра изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьеит”, – иануп аусҳәарҭа аинформациа аҿы.
Қырҭтәыла иҟоу Украина аамҭалатәи ахаҭарнак Андреи Касианов истатиаҿ ишану ала: “Украина 2088 шықәсазы Қырҭтәыла анаҭаз “Бук” асистемеи ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла аиуиз “Џьавелинқәеи” рырхынҳәра аҳәеит.