Атәылахьчара аминистр Норвегиа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит
Атәылахьчара аминистр Норвегиа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит

Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Норвегиа ацҳаражәҳәаҩ  Берглиот Ховланд дылҧылеит.

Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны,  аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит.

Хшыҩзышьҭра азун арратә аҵареи,  иара убас,  Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиеи Норвегиа Аҩныҵҟатәи агвардиеи рыбжьара аусеицуреи аҵакы.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан  НАТО-Қырҭтәылатәи аҵаратә центр  (JTEC) аҿиареи,  иара убас,   НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа  (SNGP) анагӡареи аҿы Норвегиа иҟанаҵаз алагала ду.