Атәылахьчара аминистр  Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит
Атәылахьчара аминистр  Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Хадас Естер Меицад дылҧылеит.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, аиҧылараҿы аминистр иаҵшьны иазгәеиҭеит ақырҭуааи ауриацәеи аҭоурыхтә аиҩызара шрыбжьоу.

Атәылахьчара аминистр Израиль ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Иракли Чиқовани  2023 шықәса жьҭаара 7 рзы Израили уи атәылауааи ирҿагыланы имҩаҧгаз атеррористтә жәылара дшақәыӡбо азгәеиҭеит.