Атәылахьчара аминистр Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Атәылахьчара аминистр Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Павел Герчински диҧылеит. Иракли Чиқовани ацҳаражәҳәаҩ дидикылеит Атәылахьчара аминистрраҿы.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, аиҧылараҿы Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазкны Европатәи ахеилак иаднакылаз аӡбара аҵакы иалацәажәеит. Аминистр ишиҳәаз ала, ари аӡбара  атәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз аусура иабзоуроуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара еиуеиҧшым аформатқәа рҿы аусеицура арҭбааразы иҟоу  аперспективақәа ирылацәажәеит.