Атәылахьчара ҧасатәи аминистр Давиҭ Кезерашвили иҩнаҿы аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит
Атәылахьчара ҧасатәи аминистр Давиҭ Кезерашвили иҩнаҿы аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит.
Аҭыҧаҿ аус зуа азинхьчаҩцәа ауадақәа рышә аадыртырц азыҳәан амаруга ҷыдақәа наргеит. Аусеилыргаратә процессқәа рхы рылаирхәоит Давиҭ Кезерашвили идукат.
Арҭ ауснагӡатәқәа мҩаҧысуазар ҟалап агәыҧтә мчылареи амчылара аиҿкаареи азы аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аамҭакала, абри аҩызаҵәҟьа аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит Кезерашвили иабхәанда Дмитри Чиқовани иҩнаҿгьы.