Атәылауаҩратә шәарҭадареи, адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи рызҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа дырҧылеит
Атәылауаҩратә шәарҭадареи, адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи рызҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Узра Зеиа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа дырҧылеит.
«Ҳара адемократиатә нормақәеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рыхьчара аҵакы ҳалацәажәеит. Америка ақырҭуа жәлар ревроатлантикатә ҽазышәарақәа ирыдгылоит, аха, «Ақырҭуа гәахәтәы» ауранагӡара ари ахықәкы анагӡара иаҧырхагахеит. Ҳара Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит адемократиа иаҿагыло ауранагӡареи антиамерикатә дезинформациа аларҵәареи иаҟәыҵырц», — илҩит Узра Зеиа асоциалтә аҳаҿы.