Атәылауаа рҳәамҭала, Гогелиа иклиникаҿы агрипп аҽыхьчаратә лаҵа ацынхәрас даҽа хәшәык рзыҟарҵазар ҟалап
Атәылауаа рҳәамҭала, Гогелиа иклиникаҿы агрипп аҽыхьчаратә лаҵа ацынхәрас даҽа хәшәык рзыҟарҵазар ҟалап

Атәылауаа рҳәамҭала, Қарҭ иҟоу  Гогелиа иклиникаҿы агрипп аҽыхьчаратә вакцина ацынхәрас  авитамин С рзыҟарҵеит.

Аҭыҧантәи ауааҧсыра ишырҳәо ала, дара 4 компонентк злоу авакцина ҟарҵарцаз аклиникашҟа инеит.  75 лари ршәеит, нас, амедицинатә персонал  ахәшә аҭра ддырбарц ирыҳәеит, аха мап рцәыркит. Ауаа рҳәамҭала, ахәыҷқәагьы алаҵақәа рзыҟарҵеит.

Апациентцәа ишырҳәаз ала, аклиника аусзуҩцәа уаҳа ҧсыхәа анырмоу, аиашьықь аадыртын, уаҟа авитами С ада уаҳәа изакәызаалак хәшәык иҟамызт.

Апациентцәа ишырҳәо ала, аҵыхәтәаны, аклиника аусзуҩцәа иазхарҵеит ауаа авитами С шырзыҟарҵоз.

Атәылауаа аҭыҧашҟа аполициа аарыҧхьеит.