Атәыла ахада лхаҭарнак Қырҭтәыла Актәи аканал адырра аиҭеит иахьа аинтервиу шыҟамло, аинтервиу аҩашазы ма ахашазы иҟалар ҟалап
Қырҭтәыла Актәи аканал аҧхьа имҩаҧысуа акциа алахәылацәа аҳәара иқәдыргылеит Қырҭтәыла ахада аинтервиу азы аефир лырҭарц. Иахьа асааҭ 21:00 рзы иҩаҧгаз абрифинг аҿы атәыла ахада ишылҳәаз ала, Актәи аканал аинтервиу аҭара дазыхиоуп.
Актәи аканал, зыҧшра ҟамҵакәа, атәыла ахада ладминистрациа иазаарыцҳаит Актәи аканал ишиашо аефираҿ атәыла ахада лыдкылара ишазыхиоу.
Минуҭқәак раҧхьа атәыла ахада лхаҭарнак иаҳзааицҳаит иахьа аинтервиу шыҟамло, аинтервиу аҩашазы ма ахашазы иҟалар ҟалап.