Атәыла ахада лимпичмент иадҳәаланы „Ақырҭуа гәахәтәы“ ала ирмазеиу ашшыҧхьыӡ Аконституциатә аӡбарҭахь идәықәырҵоит ҳазну амчыбжь азы
Атәыла ахада лимпичмент иадҳәаланы „Ақырҭуа гәахәтәы“ ала ирмазеиу ашшыҧхьыӡ Аконституциатә аӡбарҭахь идәықәырҵоит ҳазну амчыбжь азы.
Адокумент рнапы аҵарҩит апарламент 81ҩык адепутатцәа.
Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ ахәаҧшразы мызкы аҿҳәара амоуп, анеҩс, аихшьаала апарламентахь иандәықәырҵалак ашьҭахь, ҩымчыбжь рыҩныҵҟала, апарламентаҿ ари азҵааразы абжьыҭира мҩаҧгахоит.
„Аҵыхәтәантәи аимпичмент апроцедура ашьҭахь, аӡбарҭа атәыла ахада лыла Аконституциа аилагара афактқәа шцәырнагазгьы, атәыла ахада, абри аҩызаҵәҟьа ашьаҿақәа рыҟаҵара налыгӡеит. Аҵыхтәантәи аимпичмент апроцедура ашьҭахь атәыла ахада лхымҩаҧгашьаҿы Акоституциа аилагара жә-епизодк аарҧшын, урҭ рызынтәгьы рҿы атәыла ахада ахаҭарнакратә зинмчқәа еилалгеит, лара еиуеиҧшым аиҧыларақәа раан аиҿцәажәарақәа мҩаҧылгон. Лара абри зегьы ҟалҵон атәыла аиҳабыра рықәшаҳаҭра ада. Аконституциатә аӡбарҭа знык иазгәанаҭахьеит абри аҩыза аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы атәыла аиҳабыра рықәшаҳаҭра шаҭаху, аха, атәыла ахада Аконституциа аилагара налыгӡоит. Ҳара адгылара ду ҳаур, анеҩстәи апарламент аҿы, раҧхьа иргыланы, атәыла ахада лзинмчқәа раанкыларазы аӡбара ҳадаҳкылоит, уи азыҳәан 100 мандатк аҭахуп. „Ақырҭуа гәахәтәы“ иаҳа ирацәаны амандатқәа аиуеит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ажәлар ибзиаӡаны ирбоит атәыла ахада аколлективтә „Амилаҭтә ҵысра“ агитаторс дшыҟалаз. Аӡбарҭа аконституциатә ашшыҧхьыӡ аҿы иааҳарҧшыз афактқәа иреиҧшу афактқәа уаанӡагьы ирыхәаҧшхьан“, – иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Гьаргь Кахиани.