Атәыла ахада иинаугурациа инамаданы,  ҧхынҷкәын 29 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿы ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь шьақәыргылазаауеит
Атәыла ахада иинаугурациа инамаданы,  ҧхынҷкәын 29 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿы ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь шьақәыргылазаауеит

Қырҭтәыла апарламент аҟынтә ишаарыцҳаз ала, атәыла ахада иинаугурациа инамаданы,  ҧхынҷкәын 29 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿы ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь шьақәыргылазаауеит.

«Сынтәа, ҧхынҷкәын  29 рзы, Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿы атәыла ахада иинаугурациа ацеремониа амҩаҧгара амзызла, апарламент ахыбраҿы ашәарҭадара аҩаӡара аҩежь шьақәыргылаазаауеит   —  апарламент ахан аҩналара иҧкызаауеит.

Абри ахҭыс аазырҧшыр зҭаху АИХқәа, аккредитациа ҷыда аиуразы, Қырҭтәыла апарламент иадҵаалароуп», — иануп адырраҿы.