Атлетика хьанҭа | Лаша Талахаӡе аолимпиада хынтәтәи ачемпион иоуп #1TVSPORT
Атлетика хьанҭа | Лаша Талахаӡе аолимпиада хынтәтәи ачемпион иоуп #1TVSPORT

Ақырҭуа атлет Лаша Талахаӡе (+102 кг) аолимпиада хынтәтәи ачемпион иоуп. Парижтәи аолимпиадаҿ Талахаӡе еицҵаны 470 кг шьҭихын, ахьтәы медал иоуит.

Араӡнытә медал шәамахьтәылатәи аспортсмен Вараздат Лалиан иоуит,уи еицҵаны 467 кг шьҭихит, аџьазтә медал – бахреинтәи Гор Минасиан – 461 кг.

Уаанӡа хынттәи аԥара аҿы хынтә адунеитә реконд шьақәиргылхьан Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылаз Виктор Санеев мацара, Лаша Талахаӡе ари арекорд еиҭашьақәиргылеит. Атлет ахьтәы медалқәа Риотәи Токиотәи аолимпиадақәа рҿы игахьеит.

2024 шыҵәсатәи Парижтәи аолимпиадаҿ ақырҭуа спортсменцәа ахьтәы фмедалк ргеит. Аолимпиатә чемпионцәа роуп – Лаша Беқаури, Гено Петриашвили, Лаша Талахаӡе, араӡнытә медалқәа- Илиа Суламаниӡеи Тато Григалашвилии, Лаша Гурули аџьазтә медал иоуит. Нанҳәа 11  рзы дықәшылоит зхы иақәиҭу астиль ала ақәԥаҩ Гиви Маҷарашвили (97 кг).