"Атлантикатә хеилак" аӡбарала, Қырҭтәыла анапхгараҭара ахақәиҭра аҩаӡара ахьыҳараку атәылақәа рсиа ианылеит
“Атлантикатә хеилак” аӡбарала, Қырҭтәыла анапхгараҭара ахақәиҭра аҩаӡара ахьыҳараку атәылақәа рсиа ианылеит.
2012 шықәса рышьҭахь ахақәиҭра ареитинг аҿы кыраамҭатәи апрогресс ала, Қырҭтәыла Европаҿ актәи аҭыԥ ааннакылоит.
“Атлантикатә хеилак” 2024 шықәсатәи Ахақәиҩҭреи мышхәбзазареи ратлас цәырнагеит.
Ареитинг ала, Қырҭтәыла адунеи аҿы зхы иақәиҭу астатус змоу иреиӷьу 45 тәыла иреиуп.
Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылақәа рыбжьара зхы иақәиҭу астатус змоу тәыла заҵәык ауп. Польшеи, Венгриеи, Аҩадатәи Македониеи, Черногориеи, Албаниеи, Ҭырқәтәылеи акандидат статус змоу атәылақәеи рыбжьара Қырҭтәыла аԥхьагылара амоуп. Асовет Еидгыла иалаз атәылақәа рыбжьара, Балтиатәи атәылақәа рышьҭахь Қырҭтәыла аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылоит.