Атлантикатә хеилак 2022 шықәсазтәи Аглобалтә стратегиа цәырнагеит. Адокумент аҿы Қырҭтәыла иаҿагылаз Урыстәылатәи агрессиеи Қырҭтәыла апрактикатә цхыраара аҭареи иалацәажәоит.
Астратегиа ишану ала, 2021 шықәса ҧхынҷкәын азы Урыстәыла Америкеи НАТОи ирзықәнаргылаз аҳәара ала, Путин НАТО арҭбаара аанкылареи Америка европатәи аконтинент алҵра адцалареи иҭахын.
Атлантикатә хеилак аҳасабырба инақәыршәаны, Кремль апровокациатә ауранагӡара иаҵанакәеит Қырҭтәылеи Украинеи рҿы аибашьреи абарҭ атәылақәа рҳәаақәа мчыла аҧсахреи, акибержәыларақәеи, Америка алхрақәа рҽалагалареи, аҳәаанырцә ауаҩшьрақәеи, адезинформациатә кампаниақәеи, адиктаторцәа рыдгылареи.
«Қырҭтәыла ашәарҭадара иаҳа арҕәҕәареи кремльтәи аштаб-хада рпланқәа рҧырхагахареи амзызла, Америка анапхгара, Америка аҳаиртә мчқәа рхархәаразы, ари атәылаҿы америкатә инфраструктура еиҿыркаароуп (алогистика, атехника, аҳаирбаҕәаза). Уи америкатә база аҧҵаразы иазхом, аха, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы Америка аҳаиртә мчқәа рыҟазаара еиқәнаршәоит. Иара убас, НАТО ашьашәалазаарагьы азнарҳауеит», — иануп аҳасабырбаҿы.