Ателееилахәыра "Пирвели" аҭыхратә гәыҧ рықәлара афакт азы аусеилыргара иалагеит
Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Қвемо Қарҭли аполициа арегионалтә усбарҭа, Ҵалка амуниципалитет қыҭак аҿы иҟалаз аинцидент азы аусеилыргаара иалагеит Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла 126 ахәҭаҷи (амчылара) 154 ахәҭаҷи (ажурналисттә усура аҧырхагахара) рыла.
«Рашәара 30 рзы, Ҵинҵҟаро ақыҭан, аҭыҧантәи анхаҩык ателееилахәыра «Пирвели» аҭыхратә гәыҧ алахәылацәа драқәҧаны, рзанааҭтә усура амҩаҧгараҿы дырҧырхагахеит. Аполициа ахаҭарнакцәа, адырра анроуҵәҟьа, аҭыҧашҟа инеины, аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара иалагеит. Ахара зду ауаҩҧсы азинтә ҭакҧхықәра идҵаразы аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит», — иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.