Ацентртә алхратә комиссиа аоппозициатә хаҭарнакцәа, Давид Кирҭаӡе урҭ рыбжьара, Евроеидгыла ахаҭарнакраҿ имҩаԥысуа аиԥылара рхы аладырхәоит
Ацентртә алхратә комиссиа аоппозициатә хаҭарнакцәа, Давид Кирҭаӡе урҭ рыбжьара, Евроеидгыла ахаҭарнакраҿ имҩаԥысуа аиԥылара рхы аладырхәоит

Ацентртә алхратә комиссиа аоппозициатә хаҭарнакцәа Евроеидгыла ахаҭарнакраҿ аполитикеи, аинформациеи апрессеи рыҟәша анапхгаҩы Пьер Сальери апроект аменеџьер Антонио Даль-Борго ирԥылоит. Аиԥылара аоппозициаа рхаҭарнакцәа рыԥшьгара мҩаԥысуеит.

Аиԥылара рхы аладырхәоит “Амилаҭтә ҵысра” ахаҭаранк Давид Кирҭаӡеи “Иӷәӷәоу Қырҭтәыла ахаҭарнак” Гьаргь Сиориӡеи.

“Иахьа Евроеидгыла ахаҭарнакра аҵак ду змоу аиԥылара мҩаԥаагоит. Евроеидгыла ахаҭарнакцәа алхраԥхьаан, иара убас алхрақәа рыҽны иаарԥшыз аилагарақәа рыдаагалоит”, – иҳәеит Кирҭаӡе.

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, абҵара 16 рзы аҭыԥ змаз аинцидент амшала, Давид Кирҭаӡе алхратә администрациаҿ инапынҵақәа ԥшьышықәсатәи́ аҿҳәарала аанкылоуп.