Астудентцәа Қырҭтәыла иҟоу Польша ацҳаражәҳәарҭа аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧыргеит
Астудентцәа Қырҭтәыла иҟоу Польша ацҳаражәҳәарҭа аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧыргеит

Астудентцәа Қырҭтәыла иҟоу Польша ацҳаражәҳәарҭа аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧыргеит. Дара Польша аҧыза-министр Дональд Туск авизадатә режим аанкылара алшара иазкны иҟаиҵаз аҳәамҭазы аҭамзаара шьҭеиҵарц иаҳәоит.

Астудентцәа ргәаанагарала, Польша аҧыза-министр ипозициа ақырҭуа жәлар ашантаж рзура иазкуп.

«Ҳаҭыр зқәу Туск ашантаж абызшәа ахархәаразы ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵароуп.  Ақырҭуа жәлари аполиакцәеи еснагь еиҩызцәан, аха, Туск ихатә интересқәа дрызҿлымҳауп. Туск ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭеиҵароуп, избанзар, ақырҭуа жәлар рзы авизалиберализациа аанкылара ҟалом», — илҳәеит акциа иалахәыз  Хаҭиа Ростомашвили.