"Астразенека" 43 000 адозақәа Қырҭтәыла ааргеит
"Астразенека" 43 000 адозақәа Қырҭтәыла ааргеит

Акоронавирус азы алаҵа “Астразенека” 43 000 адозақәа Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳааирбаӷәазахь иахьа ашьыжь шаанӡа ааргеит. Ари атәы аарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистра аҟынтә.

Аминистра аинформациа ала, “Астразенека” алаҵа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿҟаара аҟынтә хырԥшьа змам ацхырааразы авторизациа аиуит

“Астразенека” алаҵа аҟаҵара 45 шықәса иреиханы зхыҵуа ауааԥсыра рылшоит.

“Астразенека” алаҵазы арегистрациа арҭ амшқәа рзы иалагоит.