Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау Аоперативтә штаб анапхгаҩы Гьаргь Гибраӡе аилыркаарақәа ҟаиҵеит «астатус иаҵәа» анашьара иадҳәаланы.
«Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп «астатус иаҵәа» иаанаго, насгьы, уи ахархәара ахьаҭаху иазкны.
«Астатус иаҵәа» иоуеит авакцинациа наӡа иахысыз, алаҵақәа рыҩбагьы ҟазҵаз, иара убас, акоронавирус ачымзара зхызгаз ауаҩҧсы, аха, адиагноз ашьақәыргылара инаркны 14мшы рышьҭахь, акоронавирус ачымзара даналҵлак, ас еиҧш иҟоу ауаҩҧсы еснагь «астатус иаҵәа» имазаауеит.
Иара убас, ауаҩы аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟа ПЦР – тест, мамзаргьы аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҵҟа антиген азы експресс-тест ҟаиҵазар, иаргьы «астатус иаҵәа» имазаауеит, — иҳәеит Гьаргь Гибраӡе.