Астатистиказы амилаҭтә маҵзура ауааԥсыра рышәҟәынҵареи ақыҭанхамҩатә шәҟәынҵареи иалагеит
Абҵара 14 инаркны Астатистиказы амилаҭтә маҵзура (Сақстат) ауааԥсыра рышәҟәынҵареи ақыҭанхамҩатә шәқәынҵареи иалагеит, ашәҟәынҵара есжәашықәса имҩаԥысуеит. Апроцесс ԥхынҷкәын 19-нӡа нагӡахоит.
«Ашәҟәынҵара ҩетапк рыла мҩаԥысуеит. Актәи аетап аҿы, абҵара 14-23 рзы, атәылауаа авеб-платформа ҷыдала арегистарциа (CAWI) иахысуеит.
Аҩбатәи аетап аҿы, абҵара 29 инаркны ԥхынҷкәын 19-нӡа, ҷыдала иазыҟаҵоу 11000-ҩык «Сақстат» аусуҩцәа азҵаатә бӷьыц ҷыдақәа рыла ауааԥсыра рышәҟәынҵара мҩаԥыргоит.
Ауааԥсыра рышәҟәынҵара заанаҵтәи адырраҵәа цәыргахоит 2025 шықәса рашәаразы, аихшьаалатә лҵшәақәа – 2026 шықәса рашәаразы», — иануп Сақстат аинформациа аҿы.