Associated Press - Дональд Трамп  атәым ҳәынҭқаррақәа рыцхраара иазку апрограммақәа зегьы  90 мшы рыла иааникылеит
Associated Press - Дональд Трамп  атәым ҳәынҭқаррақәа рыцхраара иазку апрограммақәа зегьы  90 мшы рыла иааникылеит

 

Дональд Трамп  атәым ҳәынҭқаррақәа рыцхраара иазку апрограммақәа зегьы  90 мшы рыла раанкыларазы адҵа инапы аҵаиҩит. Ари ашьаҿа   зыӡбахәы ҳәоу апрограммақәа Америка аполитика ахықәкқәа ирышьашәалазар   аилкаара иазкуп.

Ари атәы аанацҳаит Associated Press.

Адокумент ишану ала,  атәым цхыраара аиндустриеи абиурократиеи  америкатә интересқәа ирышьашәалам, лассы-лассы Америка ахадаратә принципқәа ирҿагылоит.

Иара убас, ишазгәаҭоу ала, атәым ҳәынҭқаррақәа рыцхраара  «адунеи зехьынџьара аилаҩынтәра ахылҵуеит, атәым ҳәынҭқаррақәа рыҩныҵҟагьы, аҳәынҭқаррақәа рыбжьарагьы дара рзы иҟазшьарбагам аидеиақәа раларҵәара иацхраауеит».

Убри аҟынтә,  Дональд Трамп ишиҳәаз ала,  «наҟ-наҟ Америка атәым ҳәынҭқарракгьы иацхраауам уи атәыла ахада имҩаҧиго адәныҟатәи аполитика иашьашәаламзар».

Агентра адыррақәа рыла, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио Сенат аҿы иҳәеит, –   «инаҳхуа адоллар цыҧхьаӡа, аҧара ззоуҳашьҭуа апрограмма цыҧхьаӡа, имҩаҧааго аполитика зегьы 3 зҵаарак рзы аҭак ҟарҵароуп: «Уи Америка ашәарҭадара арҕәҕәома? Уи Америка иаҳа аҕәҕәахара иацхраауама? Уи Америка  иаҳа ашәҭыкакаҷра иацхраауама?»

Атәым ҳәынҭқаррақәа рыцхраара апроцесс иахылаҧшуеит Аҳәынҭқарратә департаменти Жәларбжьаратәи аҿиара азҵаарақәа рзы америкатә агентреи (USAID).