Асоветтә ампыҵахалара амш инамаданы, апарламент ахыбраҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп
Асоветтә ампыҵахалара амш инамаданы, апарламент ахыбраҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп

Асоветтә ампыҵахалара амш инамаданы, апарламент ахыбраҿы аҳәынҭқарратә бираҟ лашьҭуп.

Қырҭтәыла апарламент 2010 шықәса ԥхынгәы 10 рзы аднакылаз ақәҵарала, жәабран 25 асоветтә ампыҵахалара мшны рылаҳәоуп.

Асоветтә ампыҵахалара  амш инамаданы, ари аҽны административтә хыбрақәа зегьы рҿы абираҟқәа ларышьҭуеит.

1921 шықәса жәабран 17 рзы асоветтә Урыстәыла 11-тәи ар Қырҭтәыла иажәылеит. 1921 шықәса жәабран 25 рзы, абольшевикцәа рырратә хәҭақәа Қарҭ иалалеит. Қырҭтәыла ахьыҧшымра иазықәҧоз аруаа реиҳара фырхаҵарыла ақәҧараҿы иҭахеит.  Аиункерцәа 1921 шықәса жәабран 17 – 25 рзы Қырҭтәыла ахьыҧшымра иазықәҧон Иалҕуџьеи, Коџьории, Табахмелеи рҿы.