Асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп аҳаирбаӷәазаҿ Саломе Зурабишвили акәтаӷьқәа шылгәыдырҵаз
Асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп аҳаирбаӷәазаҿ Саломе Зурабишвили акәтаӷьқәа шылгәыдырҵаз

Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа аҟынтә ихынҳәыз Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Саломе Зурабишвили Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ акәтаӷь лгәыдырҵеит.

Ари афакт зныԥшуа авидеонҵамҭа асоциалтә каҭаҿы аларҵәара аиуит.

Иацы Миунхентә ашәарҭадаратә конференциа аҟынтә ихынҳәыз апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы“ алиедр Гьаргь Гахариагьы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ акәтаӷь игәыдырҵеит.