Асыԥса алеира ашәарҭа амзызла, Гудаури-Коби ахҵәахаҿы автотранспортла аиҭаҵра ҟалом
Асыԥса алеира ашәарҭа амзызла, Гудаури-Коби ахҵәахаҿы автотранспортла аиҭаҵра ҟалом

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациа ала, жәларбжьаратә ҵакы змоу Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларси Гудаури (Ԥоста)-Коби ахҵәахаҿы асыԥса шьҭыҵра ашәарҭа ду ыҟоу, убри аҟынтә амҩа ари ахҵәахаҿ аамҭала автотранспортла аиҭаҵра ҟалом.

Аинформациа Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакәа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аланарҵәеит. 

„Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала,  Степанҵминда-Ларси ахҵәахаҿы aвтотрaнспорт еиҭaҵыр aлшоит иaaнымгылaӡaкәa”, – иануп информациа аҿы.