Ашықәс анҵәамҭанӡа Қарҭ иҵегь 220 автобус ҿыцқәа аиҭаҵра иалагоит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, абҵаразы иалагаз атендер ихыркәшоуп.
Қарҭ ахада ишиҳәаз ала, автобусқәа рыҧштәы иалырхуеит ауааҧсыра рҟны еиқәшаҳаҭны. Калаӡе иҳәамҭала, автобусқәа еиқәыршәоуп ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу аҧхарратә системеи, акондиционерқәеи, аинформациатә абжьытәи системеи, антивандалтә видеомониторинг асистемеи, USB аиҵаҵарҭақәеи, „ваифаи“ амодеми рыла.
„Автобусқәа рҿы хәыда–ҧсада аинтернет ахәархәара ҟалоит. Автобусқәа 8 метрак аура рымоуп. Ашықәс анҵәамҭанӡа автобусқәа зегьы ҳауеит. Ҳара ауаа ираҳҭаз ажәа наҳагӡоит. Европатәи ақалақьқәа рҿы еиҧшҵәҟьа. Қарҭгьы ҳаамҭазтәи астандартқәа зегьы ихьчазаауеит. Иара убас, иааиуа амшқәа рзы, 10 метрак аура змоу автобусқәа шәыдаагалоит. Урҭ рыхәҭак Қарҭ иааҳгахьеит. Иааиуа амшқәа рзы аӡыргара мҩаҧаагоит, убри анеҩс автобусқәа Қарҭ еиуеиҧшым араионқәа рҿы аиҭаҵра иалагоит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.