Ашколқәа рҿы аҵара цәыббра 15 инаркны жьҭаара 4-нӡа адистанциатә режимла имҩаԥгахоит
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, ашколқәа рҿы аҵара цәыббра 15 инаркны жьҭаара 4-нӡа адистанциатә режимла мҩаԥгахоит.
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак еилатәара ашьҭахь иларҵәаз адыррақәа рыла, адистанциатә режимла аҵара иалагоит иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи азанааҭтә ҵараиурҭақәеи рҿгьы.
“Ашколқәа рҿы аҵара цәыббра 15 инаркны жьҭаара 4-нӡа адистанциатә режимла мҩаԥгахоит, адистанциатә режимла аҵара иалагоит иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи азанааҭтә ҵараиурҭақәеи рҿгьы,” – иҳәеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак анапхгаҩы Гиорги Ӷибраӡе.