Ашәҟәыҩҩцәа рыҩнаҿы имҩаҧысит Даур Наҷҟебиеи Гурам Одишариеи рроманқәа ақырҭуеи аҧсуеи бызшақәа рахь реиҭагамҭақәа рӡыргара
Ауснагӡатә ашьҭахь Қырҭтәыла акультура аминистр Ҭеа Ҵулукиани ишылҳәаз ала, жьҭаара 27 рзы Аҧсуа бызшәа амш азгәарҭоит, ашықәс алагамҭазы аминистрра ари амш иадҳәаланы иакымкәа ауснагӡатәқәа мҩаҧнагеит.
«Иахьа Ашәҟәыҩҩцәа рыҩнаҿы апроектқәа руакы аӡыргара мҩаҧган. Уи Даур Наҷҟебиа ироман ақырҭшәахь аиҭагареи Гурам Одишариа ироман аҧсшәахь аиҭагареи ауп. Аҩ-романк шәҟәык аҿы икьыҧхьуп, уи асимволтә ҵакы амоуп. Ҳара ақырҭуа ҧҵамҭақәа ауаҧс бызәшахьы аиҭагарагьы аҧара азоуҳашьҭуеит, уигьы аҵакы ду амоуп.
Абарҭ аҧҵамҭақәа еиҭазгаз Ирма Осиеи, Даур Наҷҟебиеи, Гурам Одишариеи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Иахьа арҭ аҧҵамҭақәа аҧсышәалагьы ақырҭшәалагьы урыҧхьар ҟалоит», — илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани.