Ашәамахь ацҳаражәҳәаратә аиашахаҵаратә уахәама иахьа Мшаҧы аныҳәа ду азгәанаҭоит
Ашәамахь ацҳаражәҳәаратә аиашахаҵаратә уахәама иахьа Мшаҧы аныҳәа ду азгәанаҭоит.
Аныҳәатә Анцәа имаҵзура мҩаҧган Қырҭтәыла иҟоу ашәамахь аныхабаақәа зегьы рҿы.
«Абри аныҳәа ду азгәазҭо ақьырсианцәа зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп. Аиааирагаҩы иаса Қьырса игылара адунеи зегьы аҭынчра азаанагааит, абри ауп иахьа зегьы раасҭа иаҳҭаху», — иҳәеит ашәамахь ацҳаражәҳәаратә аиашахаҵаратә уахәама Қырҭтәылатәи аепархиа ахада аб Киракос Давтиан.